НОВОСТИ И ИНФОРМАЦИЯ

Воскресенье, 23 июля 2023 06:07

Аҳҭнықалақь иқәынхо ауааҧсыра, Аҧсны атәылауаа зегьы Аҟәа ақалақь ахадара иатәу амуниципалтә Усбарҭа "Аҵарадырра анапхгара" ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш!

Аҳҭнықалақь иқәынхо ауааҧсыра, Аҧсны атәылауаа зегьы Аҟәа ақалақь ахадара иатәу амуниципалтә Усбарҭа "Аҵарадырра анапхгара" ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш!

 

1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны ишьақәырӷәӷәан ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ. Уи аԥсуа милаҭтә ҭоурыхи ҳахдырреи рзы аҵак ду змоу хҭысны иҟалеит, уи ес-игыло аԥсуа абиԥарақәа азгәыдуны, наунагӡа ԥхьаҟа иргалоит.

 

Абираҟ аҳәынҭқарра, ахьыԥшымра, ахақәиҭра ирсимволуп. Жәытәнатә аахыс иара рхашәыршәыруан аԥсадгьыл ахьчара инеиуаз.

Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы Аҧсны ахьчаҩцәа ҳбираҟ ианықәны ауп ишцоз ахақәиҭраз ажәыларахь, уи  Аиааира иасимволуп. Ҳҳәынҭқарратә бираҟ  дыргас ирымоуп ҳажәлар  рықәҿиарақәа.  Агәра ганы ҳаҟоуп ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ иақәнагоу  аҭыҧ ылнахраны ишыҟоу  жәларрыбжьаратәи аиҿкаара дуқәа рҟны!

 

Ари амшныҳәа аҽны Аҟәа ақалақь ахадара иатәу амуниципалтә Усбарҭа "Аҵарадырра анапхгара" ахьӡала гәык-ҧсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит аҭынчра, ақьиара, анасыҧ, аманшәалара, Аҧсны ҧхьаҟа изгаша аихьӡара дуқәа!

Нагӡара ақәзааит ҳаҧсадгьыл Аҧсны, наунагӡа  иахышәыршәырлааит аҧсуа бираҟ! Шьардаамҭа Аҧсынра!

Прочитано 785 раз Последнее изменение Воскресенье, 23 июля 2023 06:13