Жәабранмза 2, 2023 шықәсазы Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә Ашьхарыуаа рышкол №10 аҟны имҩаҧысит иаарту акласстә сааҭ "Аиҳаби аиҵби рпатуеиқәҵара" атемала.
Акласстә сааҭ мҩаҧылгеит а-4-тәи акласс арҵаҩы- Ашәба Амина Асҭамур-иҧҳа.
"Аиҳабы пату иқәуҵар, Анцәагьы пату уқәиҵоит"- ражәа иалоуп аҧсуаа.
Аԥсуаа рҟны жәытә-натә аахыс ԥсабаратә ԥҟараны ишьақәгылоуп аиҳабацәа рыбзиа абареи, раҳаҭырбареи. Еиҳаби еиҵби реизыҟазаашьа еснагь иҳаракын, уи аԥсуа ипсихологиаҿы ишьақәгылоуп. Ирҳәоит аԥсуара ԥшьба рыла иалагоит, ԥшьба рыла инҵәоит ҳәа: аԥхашьара, апатуеиқәҵара, агәаӷьра, ачҳара, абарҭ зегьы дрықәныҟәозар ауп аиҵбы аиҳабы изыҟазаашьҟны.
Шәышықәсала ҳажәлар имырӡӡакәа иаарго ҳаԥсуа традициақәеи, ҳқьабзқәеи, ҳапату еиқәҵашьеи изызҳауа ҳҿар ирылааӡалатәуп, иныҟәыргарц, еихарҳарц.