НОВОСТИ И ИНФОРМАЦИЯ

Понедельник, 03 октября 2022 07:58

Ҳаҭыр зқәу Асҭанда Заур-иԥҳа! Аҟәа ақалақь Аҵара Аусбарҭа аколлективи уи иаҵанакуа ашколқәеи, ахәыҷбаҳчақәеи рыхьӡала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеитә мшы!

Ҳаҭыр зқәу Асҭанда Заур-иԥҳа! Аҟәа ақалақь Аҵара Аусбарҭа аколлективи уи иаҵанакуа ашколқәеи, ахәыҷбаҳчақәеи рыхьӡала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеитә мшы! ..

Зымҩақәа адырра адунеиаҿ еиҧыло,
Есышьыжь уи ашҭаҿ аҧшәымара зуа,
Аҧсҭазаара иагәылсуа, ауадаҩрақәа зҧыло,
Аха акы аҿаҧхьа зхы лазмырҟәуа.
Ааӡара аусаҿ зымчқәа зегь ҧызшәо,
Уи сара исуалуп ҳәа зхы зыҧхьаӡо,
Аҧшәмара нкылан, зус иахыгылоу,
Зқьы шықәса шәымаз ахәахьы шәызго!

Ҳаҭыр зқәу Асҭанда Заур-иԥҳа!
Аҟәа ақалақь Аҵара Аусбарҭа аколлективи уи иаҵанакуа ашколқәеи, ахәыҷбаҳчақәеи рыхьӡала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеитә мшы!
Ишәзеиӷьаҳшьоит зегьы ирыцку агәабзиара агәамч аԥсуа ишәышықәсанҵыра, уи иацу алахҿыхреи, аҭаацәаратә разҟы шкәакәеи.
Иҭышәынтәалоу зус иазҟазоу издыруа, напхгаҩҵас Шәара шәанысхьеит иуадаҩроу арҵаҩ имҩа.
Иахьагьы уи амҩа иацышәҵоит имариам ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи, уи иацу ауадаҩрақәеи зегьы шәыриааины шәызхьымӡогьы шәҽахьыгӡаны шәҽазҵәылхны шәҽазышәшәоит арҵаҩ иаша иаҳаҭыри ипатуи рышьҭыхра.

Ҳаҭыр зқәу Асҭанда Заур-иԥха!
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, иҿымцәаауа агәацԥыҳәара шәыцзааит еснагь!

Прочитано 422 раз Последнее изменение Понедельник, 03 октября 2022 08:08