Аҳәынҭқарратә хыркәшаратә аихшьаалатә аттестациа инақәыршәан Аҟәа ақалақь ахадара иатәу амуниципалтә усбарҭа «Аҵарадырра анапхгара» иаҵанакуа ашколқәа рҟны имҩаԥысуеит 9-тәи 11-тәи аклассқәа рҟны аԥышәарақәа.
Сантәа 474- ҩык аҵаҩцәа Аҟәа ақалақь ахадара иатәу амуниципалтә усбарҭа «Аҵарадырра анапхгара» иаҵанакуа ашколқәа ирыушьҭымҭацәоуп, 728 – ҩык аҵаҩцәа 9 – тәи аклассқәа хдыркәшоит.
Аԥышәарақәа мҩаԥысуеит лаҵарамза 30 инаркны, рашәарамза 20 – нӡа.
А – 9 – тәи аклассқәа рҟны имҩаԥысуа аԥышәарақәа:
Ахатәы бызшәа (аиҭаҳәа)
Ахатәы бызшәа (ҿырҳәала)
Алгебра (ҩрала)
Аԥсны аҭоурых (ҿырҳәала)
5 – тәи аԥышәара – аҵаҩцәа рхатәгәаԥхарала иалырхуеит.
А – 11 – тәи аклассқәа рҟны имҩаԥысуа аԥышәарақәа:
Ахатәы бызшәеи алитературеи (аиҭаҳәа ахыҭҳәаа аелементқәа ацҵаны)
Ахатәы литература (ҿырҳәала)
Алгебреи анализ алагамҭеи (ҩрала)
Аԥсны аҭоурых (ҿырҳәала)
5 – тәи аԥышәара – аҵаҩцәа рхатәгәаԥхарала иалырхуеит.
Аԥышәарақәа шымҩаԥысуа агәаҭараз школ цыԥхьаӡа иаҭаауеит Аҟәа ақалақь ахадара иатәу амуниципалтә усбарҭа «Аҵарадырра анапхгара» аспециалист хадацәа.