Версия для печати
Четверг, 25 мая 2023 10:00

Аҟәа ақалақь ахадара иатәу амуниципалтә усбарҭа "Аҵарадырра анапхгара" иаҵанакуа ашколқәа рҟны 2022-2023 - тәи аҵарашықәс хыркәшо игеит "Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы"

Аҟәа ақалақь ахадара иатәу амуниципалтә усбарҭа "Аҵарадырра анапхгара" иаҵанакуа ашколқәа рҟны 2022-2023 - тәи аҵарашықәс хыркәшо игеит "Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы"!

Ашколқәа рҟны имҩаԥган традициала агәырӷьаратә цәаҳәақәа. Аныҳәатә программа иалахәын Аҟәа ақалақь ахадара иатәу амуниципалтә усбарҭа "Аҵарадырра анапхгара" аиҳаби аспециалистцәеи.

Ари амш аушьҭымҭацәа рзы акрызҵазкуа ныҳәоуп. Аҵаҩцәа ирызгәакьоу рышколқәеи рырҵаҩцәеи ааныжьны аҵарадырра аизырҳара мҩа ианылоит.
Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, ақәҿиарақәа шәаԥхьаҟа ишәзыԥшу аԥышәарақәа рҟны. Шьапымшыла еихыжәгааит аԥсҭазаара ҿыц ахь шәшьаҿа!
Мҩамш, ҳаҭыр зқәу ҳаушьҭымҭацәа!

Во всех общеобразовательных учреждениях МУ администрации города Сухум «Управление образования» прозвучал «Последний звонок!»

Последний звонок- это время для старта, перемен, выбора, новых чувств, торжества юности. Пусть все лучшее ждет впереди, а воспоминания оставят теплый весенний след.
Желаем успехов на экзаменах, крепкого здоровья и никогда не останавливайтесь на достигнутом!
В добрый путь!

Прочитано 266 раз Последнее изменение Четверг, 25 мая 2023 10:02